Акоронавирус рыдырбалеит даҽа 29-ҩык Аԥсны атәылауаа, аӡәы иԥсҭазаара далҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15360-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14737-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 234-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15360-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14737-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 234-ҩык.
Рашәарамза акы – Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш ауп. Алахҿыхратә уснагӡатәқәа мҩаԥган аҳҭнықалақь инхо ахәыҷқәеи асасцәеи рзы. Аныҳәа иреиӷьыз амгеимцарақәа Sputnik афотокорресподент иҭыхымҭақәа рҟны.
Аелита Ахьиԥҳа иазгәалҭеит атәыла анапхгара рзы Тҟәарчал араион ацхыраара аԥыжәара змоу зҵаараны ишыҟоу.
Гәылрыԥшь араион аҵараҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҳарак ашколқәа рыҩныҵҟа ишымҩаԥгаз, еиҭеиҳәеит ахәыҷы ихьчараҿы ашкол ароль атәы.
Гагра акассатә ԥхьаӡаратә центр аадыртаанӡа акоммуналтә маҵзурақәа рзы ашәара мҩаԥыргон аконтролиорцәа рыцхыраарала.
Ҳаамҭазтәи аелектронтә тренажиорқәа рыцхыраарала абаза аруаа ироуеит алшара аџьаԥҳани абылтәы-хьшьтәы материали нымхыкәа аҵареи аҽазыҟаҵареи рымҩаԥгара.
Аԥсны амилаҭтә Аолимпиатә хеилак апрезидент Валери Аршба арадио Sputnik аефир аҿы Хабиб Нурмагомедов Аԥсныҟа имаара зыхҟьаз ақәыӷәӷәара ахҳәаа ҟаиҵеит.
Аԥсны аҵакыраҿы ахатәхаҿқәа атәым автомашьына арныҟәаразы рыгәраргагақәа аԥырхит лаҵара 26 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Аԥсны, Краснодартәи атәылаҿацә, Астрахантәии Волгоградтәии аобластқәа рҿы иҟоу аполигонқәа рҟны.
Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник V" Аԥсны ауаа ирыларҵо иалагеит лаҵара 12 рзы. 6 500 доза алаҵа Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Алаҵа аҭыжьҩы иҭаххарақәа инарықәыршәаны иҵәахуп.
Лаҵарамза 1 азы 60 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит апоет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ, ажурнал "Алашара" аредактор хада, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Анатоли Лагәлаа. Ииубилеитә мшыҽны апоет арадио Sputnik аефир аҿы дырзааҭгылеит иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи.
Аԥсны иахьаҵанакуа алашара арцәара аграфик аԥыхын ЕгрыГеС аремонт ашьҭахь, мшаԥы 27 азы.
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭа изкуп иахьа изиубилеитә мшу, 60 шықәса зхыҵуа аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, акыршықәса инеиԥынкыланы ажурнал "Алашара" аредактор хадас иҟоу Анатоли Лагәлаа.
Италиатәи аилахәыра "GLOBAL ARREDI" ахаҭарнакцәа хатә ныҟәарыла Аԥсныҟа иааиит лаҵара 29 азы. Урҭ ара иҟазаауеит рашәара 1 аҟынӡа.
Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аспециалист хада Аза Кәарҷиаԥҳаи Аҟәатәи ахәбатәи ашкол аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Залита Ҭаркьылԥҳаи арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит ахәыҷбаҳча аҟынтә ашкол ахь инеиуа ахәыҷқәа, аҵаратә процесс иахьынӡазыҟаҵоу атәы.