Аԥсны 25-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15385-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14772-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 234-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15385-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14772-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 234-ҩык.
Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит амшцәгьақәеи аԥшасрақәеи раан аԥхасҭа зауз ахыбқәа реиҭашьақәыргылара аус ахьынӡанагоу атәы.
Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ, абригада "Пятнашка" акомандир Ахрик Аҩӡбеи уи иҩызцәеи харас ирыдырҵоит заанаҵ еибыҳәаны гәыԥҩыла изакәанымкәа абџьар ҵәахны ирыман ҳәа.
Аӡоужьра аиԥҟьара мзызс иамоуп Кәыдрытәи амҩаду аҿы 300 миллиметрак зыҭбаара ыҟоу аӡымҩангага аремонт ахьазыруа.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша еиҭашьақәыргыланы ахархәарахь ирыҭоуп. Аҳақьым-ареаниматолог Дамеи Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит иахьазы русура шышьақәгылоу атәы.
Акоронавирустә инфекциаҟынтәи урыстәылатәи "Спутник V" ала алаҵаҟаҵара Аԥсны ихацыркын лаҵара 11 азы.
Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ақалақь аҩнуҵҟа COVID-19 аҟынтә алаҵа аҟаҵара аус шымҩаԥысуа атәы.
Гәдоуҭа ақалақь амҩақәа хәба акаҭран рықәҵара иазоужьхоит 30 миллион мааҭ Аинвестпрограмма аҟынтәи.
"Амшынеиқәафымцамч" адыррала Гәдоуҭа ахәҭак лашарада иаанхеит рашәара 1 асааҭ 22:00 раахижьҭеи.
Жәҩык ауаа злахәыз агәыԥ ҩбаны аҽшаны лаҵара 30 рзы атурист иԥшаара амҩа иқәлеит. Актәи агәыԥ рыԥшаарақәа хдыркәшеит лаҵара 31 азы, аҩбатәи – рашәара 1 азы.
2021 шықәса аԥхьатәи амзақәа ԥшьба рзы аҳазалхратә шәарақәа 719 миллион мааҭ ҟарҵеит, аплантә рбага 117% рыла инагӡан.
Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵараиурҭаҿы аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа шхыркәшахаз атәы, иҳәеит абитуриентцәа рыдкылара ианазыхиахо.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Санкт-Петербург 22-тәи Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Радуга" аҽаланархәит.
Ахада аусдҵа инапы аҵеиҩаанӡа Беслан Бигәааи Иури Хагәышьи араионқәа рхадацәа рнапынҵақәа назыгӡо ҳәа иҟан.
Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан еиуеиԥшым апрограмма, бзиа еицырбо амультфильмқәа рфырхацәа рԥылара, ашәақәа рфестиваль.