Аԥсны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа 46 ҟалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15595-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14983-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 238-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15595-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14983-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 238-ҩык.
Тҟәарчал араион Ӷәымрышь ақыҭаҟны амҩа аиҭашьақәыргылареи, афымца ахаҭабзиара аиӷьтәреи рзы имҩаԥырго аусурақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Беслан Берзениа.
Аремонттә усурақәа мҩаԥгахоит Инал-иԥа ихьӡ зху амҩаду аҟны.
Урыстәыла ахада Владимир Путин 2020 шықәсазы алитературеи аҟазареи русхк аҟны Аҳәынҭқарратә аԥхьахә анашьаразы Аусдҵа инапы аҵеиҩит.
Аԥсны архәҭақәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит атәылахьчара аминистрра ааӡаратә ҟәша аиҳабы, аполковник Беслан Мышәба.
Апарламент ахашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан ариашарақәа аднакылеит актәи аԥхьарала хәажәкырамза анҵәамҭазы.
Урыстәылатәи аволонтиорцәа рҽаладырхәит Аԥсны ашьхараҿы иӡыз атурист Владимир Улианов иԥшаара.
Ахҭыс ҟалеит рашәара 8 асааҭ 17.20 азы Араион ҿыц, Кьаразаа рымҩаҿы игылоу адәқьан "Данаҭ" аҿаԥхьа. Аҭыԥ змаз ахысра иахҟьаны ахаҵа ахы иқәшәеит.
Рашәара 9 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рарҳәагақәа роркестр имҩаԥнагоит аихшьаалатә концерт. Аорекстр асолист Денис Ҳагба арадио Sputnik дсасны даҭан.
Рашәара 9 азы Аԥсны Апарламент аилатәара мҩаԥысит. Амшхәаԥштә азҵаараҿ иқәгылан "2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет анагӡаразы" азакәан апроект адкылара.
Урыстәыла ашьауӷатә закәанеидкыла ахәҭаҷ 163 ахәҭа 3 инақәыршәаны ацәгьоуразы Афедералтә шьҭазаара иман иаанкылаз ахаҿы.
Аушьҭымҭацәа рзы ақалақьтә хәылԥазқәа ҟалаӡом, абри атәы иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо Аԥсны Аҵара аминистр Инал Габлиа.
Бзыԥ аиҩхааҿы хымшуп аӡы иагаз атуристка Дариа Манасова лыԥшаара иаҿуижьҭеи. Аԥсшьаҩы аӡиас Иаӷьа далаҳаит амҽыша рашәара 6 рзы.
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит рефрен ҳасабала акырынтә еиҭаҳәоу, зеилкаара уадаҩу ажәақәа аԥсуа ашәақәа рҿы рцәырҵра зыхҟьаз ҳәа аҵарауаа ргәаанагарақәа ртәы.
Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа дшазыԥшыз, агәыр ашьҭахь лхы шылбо, насгьы алаҵаҟара апроцесс еиҳа еиӷьны имҩаԥысырц азы иҟаҵатәу ҳәа илбо азы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.