Аԥсны даҽа 61 коронавирустә хҭыс ҿыц ашәҟәы иҭагалоуп
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16259-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15217-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 241-ы.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16259-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15217-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 241-ы.
Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы иалагалаз аԥкрақәа рышьҭахь аԥсшьаратә аамҭа мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуеит. Аԥсны аԥсшьаразы иманшәалоу ахырхарҭақәа атәылақәа ирыҵаркуеит.
Ҭырқәтәыла, Малан ақыҭа иаҵанакуа Дауҭаа ацуҭаҟны инхо, 78 шықәса зхыҵуа ҳџьынџьуаҩ Ҳаириҭҭин Андарбуа, иабду Маҳмуд иоуп Аԥснынтәи амҳаџьырра аан ахҵәара иақәшәаз. Уи Ҭырқәтәылаҟа дшаанагази ихылҵ ду шыҟалази ртәы еиҭеиҳәеит амаҭа.
Аԥсуаа рдунеитә хәыцраҿы ацҳа ҵакыс иамоу атәы дыррақәак ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иаҵанакуа Очамчыра араион абылрацәыхьчара- аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы Мурман Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аӡҳәаарбагақәа амшын аҟны шышьақәыргылоу.
Аԥсны агәабзиарахьчарра аминистрра рашәара 18 нӡа атәылаҟны шаҟаҩы алаҵа рзыҟарҵахьоу атәы аарыцҳауеит.
Урыстәыла атәылауаҩ Нестеров Михаил Николаи-иԥа Гагра ақалақь иахьаҵанакуа амшын аҿы дӡааҟәрылеит рашәара 17 рзы.
Урыстәыла еицырдыруа апианинорҳәаҩы Александр Иаковлев Аԥсны имҩаԥигеит амастер-класс, ахәаша рашәара 18 рзы.
Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ԥсоу аҳәаа ахысразы аԥхын аҭагылазаашьа зеиԥшроу, агәаранқәа зыхҟьо.
Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра сынтәа ашколқәа роушьҭымҭацәа рныҳәатә хәылԥазқәа - абалқәа - рымҩаԥгара ҟалом ҳәа зҳәо ақәҵара аднакылеит. Ари ақәҵареи иааидкыланы абалқәа рымҩаԥгареи ирызку лгәаанагара ҳамалдоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.