Акоронавирус рзышьақәыргылоуп 72-ҩык Аԥсны ауааԥсыра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26549-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21820-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 397-ҩык.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26549-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21820-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 397-ҩык.
Гагра араион ахәыҷбаҳча "Мрамза" аиҳабы Белла Кокосқьериаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәыҷбаҳчаҿы аҵара-ааӡара апроцесс шеиҿкаау атәы.
Гәдоуҭа ақалақь иахьаҵанакуа 1300 метра ԥшьыркца ашьаҟауаа рныҟәарҭаҿы ахаҳәҟьаԥс рыԥсахраны иҟоуп.
Цәыббра 15-16 рзы Аладатәи Новгород имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афорум "ИнтерВолга-2021" далахәын Аԥсны ахаҭарнак.
Ԥсҳәы Аԥсны реиҳа ихароу шьха-қыҭоуп, амшын ақәцәантә 760 метра иҳаракны ишьҭоуп. Уахь анеира алшоит ҳауала ма ашьха каҵәарақәа урхысны.
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҟны еиҭалҳәеит аԥсуа бызшәаҿы ауаҩы имаха-ишьаха иадҳәаланы ишәара-изара аазырпшуаз ажәақәа ртәы.
Ажәытәан аџьыка аҳаҟьа иқәҵаны ирххуан, аҳаҟьеи аԥхныгеи аԥсуа ибзазара иузаҟәымҭхуаз маҭәарқәан. Ҳаамҭазы аҳаҟьа зкуа шамахамзар иуԥымлозаргьы, иҟоуп шьҭрала еиқәырханы иаазго, зны-зынла зхы иазырхәогьы.
Шәача акинофестиваль аҿы арбаразы иаашьҭыз 400 зыҳәа рҟынтәи иалхын аԥсуа ԥҳәыс илызку афильмгьы. Иара аӡыргара мҩаԥгахоит абҵара 5-9 рзы.
Москватәи аилахәырақәа аҳәаанырцәҟа ирҭиуа аалыҵқәа рыбжьара аԥхьагылара рымоуп ашәқәа, ахш, ахҷаҭ, ахаҷа, ахарҵәы.
Асессиаҿы ишьақәдыргылараны иҟоуп 2021-2022 шықәсқәа рзы Аԥсны иатәу амшынӡы аҟны ҭагалан-аӡын акразы ззин ыҟоу акамшьиа ахыԥхьаӡара.
Арҭ амшқәа рзы Гәдоуҭа араион школқәак акарантин ахь ишьҭуп. Иарбан школқәоу аԥкрақәа ахьалагалоу ачымазара ҿкы иахҟьаны, насгьы аҭагылазаашьа хылаԥшрас иамои, абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәдауҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа.
Амца арцәаразы аҭыԥ ахь инашьҭын Аҟәа амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша арасчотқәа хԥа.
Аҳауатә цәаҳәа "Ԥсоу" аремонт азура, аенергетикцәа ражәақәа рыла, мызкы, мызки бжаки иадхалоит аҭыԥ акыр иуадаҩуп аҟынтә.
Аҳәынҭқарратә акарантинтә хылаԥшра асанитартә лабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ҳтәылаҟны аҵиаақәа рганахьала ачымазарақәа ахьынӡарацәоу, урҭ рахьынтә иаҳа ашәарҭара зцу.
Акоронавирустә инфекциа апандемиа иалагазар Аҟәа ачымазара рыхьхьеит 10 249-ҩык.
Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рмаҵзуратә зинмчра инахырҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа ахара рыдырҵоит.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26477-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21820-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 397-ҩык.