Шәкы инареиҳаны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа ашәҟәы иҭагалоуп Аԥсны
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26658-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21909-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 397-ҩык.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26658-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21909-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 397-ҩык.
Сынтәа аџьықәреи аҽаҩра зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Иури Кәарцхьиа.
Аԥара рызшәахоит Урыстәыла атәылауаа, амедал "Ленинград ахьчаразы" ма адырга "Амацәаз иҭакыз Ленинград ақалақьуаҩ" занашьоу, Аԥсны инхогьы налаҵаны.
175 шықәса раԥхьа цәыббра 17, 1846 шықәсазы диит ашәҟәыҩҩы Гьаргь Чачба. Уи иҭоурых, ирҿиара аԥсуа литератураҿы ҭыԥс иааннакыло атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашәҟәыҩҩы, апублицист, адраматург Анзор Мықәба.
Пицунда, Агрба имҩаҿы ашьаҟауаа рымҩа ахаҳәҟьаԥс ақәҵара иазоужьуп 1,7 миллион мааҭ.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аабатәи ааԥхьара адепутатцәеи, арегионқәа жәба рхадацәеи, 39 регион рҿы аҳәынҭқарратә мчра азакәанԥҵаратә усбарҭақәа рдепутатцәеи алырхуеит.
Ԥхынгәы 4, 27, нанҳәа 16 рзы Аԥсны иахьаҵанакуаз аԥсабаратә рыцҳарақәа аҭыԥ рыман, аԥхасҭа дугьы ҟарҵеит.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь акоронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәшәтәразы астационартә медицинатә хәшәтәырҭоуп. Зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
Адокументалтә фильм "Лара лоуп" асценарист Инесса Лакәиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи аԥҵара ахшыҩҵак лызцәырызгаз, иалахәу аҳәса шалылхыз.
Абҵарамзазы аԥсуа милициа шәышықәса ахыҵуеит, аха ари аиубилеитә рыцхә аламҭалазы иҟалеит амилициа аусзуҩ ихаҿра зырхәашьуа ахҭысқәа ҳәа агәаанагара лымоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Цәыббра 16 рызтәи адыррақәа рыла Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус злоу 18-ҩык ачымазцәа, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп.
Аонлаин-цәыргақәҵа "Аиҟәгара-аҟазара" алахәыла Амиран Адлеиба аԥкрақәа иҟазара ишаныԥшуа атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.