Кәакәасқьыр Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы: бзыԥаа ҳҿахәы зҳәаша иалхра ҳазыхиоуп
Гагра араион, Бзыԥта аҳаблан иҟоу алхырҭатә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Асида Кәакәасқьыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иааиуа амҽыша атәылаҿы имҩаԥгахо Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхра аус иахьынӡазыхиоу атәы.