Аҭоурых иагәылаҵәаху: Гагра иԥшааз аҭоурых азы акрызҵазкуа аԥсыжырҭа иазкны
Аԥсны аҳәынҭқарратә милаҭтә галереиа аиҳабы, аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Гагра араион Ачмарда ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы имҩаԥгаз ажрақәа ҳҭоурых азы акрызҵазкуа хҭысуп ҳәа.