Анефт ишашьҭаз аӡы рԥшааит: Баӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь ахы шыҵнахыз
Гагра араион Баӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь (сероводородный источник) аӡбахә ззымдыруа дыҟамзар ҟалап. Арахь еиҳарак имҩахыҵуа зыца зыхьуа, мамзаргьы агәықәбылра иаргәамҵуа роуп. Иабаанагеи ари аӡыхь? Ауаа ирызцәырҵуа азҵаара аҭак ҟаиҵеит аартра зыбзоуроу Левон Ексузиан.