Шьынқәба Быҭха-ныха аныхаԥааҩ амчра иҭаразы: Аԥсны абыжьбатәи аныха ахьышьҭрахь ихынҳәит
Аԥсны иԥшьоу аҭыԥқәа, аныхақәа быжьба ыҟоуп. Быҭха-ныха уажәы Шәача иахьаҵанакуа Урыстәыла аҵакыраҿы иҟоуп. Иахьа Очамчыра Елырныха Быҭха аныхаԥааҩ амчра иҭан. Уи шыҟалаз, ҵакыс иамоу атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Елырныха аныхаԥааҩ Беслан Шьынқәба.