Тапаӷәуа Мурман Џьопуа изы: иеиԥш анхамҩа аус здыруаз маҷҩуп
Очамчыра араион ахадас иҟаз, Агәымшәараз амедал занашьоу, Ахьӡ-аԥша аорден занашьоу Мурман Џьопуа иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит. Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Баҭал Тапаӷәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәалаиршәеит уи иԥсҭазааратә мҩа.