Чагәаа Очамчыра аепидемиологиатә ҭагылазаашьазы: ҳқьабзтә уснагӡатәқәа ҳаркьаҿроуп
Очамчыра араион аҿы школқәак акарантин ахь ишьҭуп. Араион аҿы аепидемиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу, аԥҟарақәа иахьынӡарықәныҟәо арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион асанитартә ҳакьым хада Џьон Чагәаа.