Ҭагалан беиоуп адгьылқәаарыхра иадҳәалоу аныҳәақәа рыла. Аҧсуа жәлар рамзар аҟны арҭ аныҳәарақәа рцикл хыркәшахоит "Аамҭахә" ("аамҭа ахәы"), мамзаргьы "Сынтәа ҳазмадоу" ҳәа ахьыӡшьара змоу аныҳәарала. "Аамҭахә" аныҳәара шымҩаԥырго атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.