Раԥхьа ҳтәылаҿы акоронавирус аҟнытә алаҵа ҟазҵаз Рауль Харчлаа, Аҟәа алаҵаҟаҵаразы апункт ҿыц амедиаҳәшьа аиҳабы Инга Кәыҵниаԥҳа, аҳақьым Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы ҳтәылаҿы COVID-19, уи аҟнытә алаҵа аҟаҵареи иадҳәалоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит.