Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны ашәахьа, 2016 шықәса жьҭаара 17 рзы аԥжәара ҟалеит. Убри аан дҭахеит аԥжәара аззырхиоз, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ, 1971 шықәса рзы ииз Сергеи Тарасенко. Аԥжәара аганахьала ашьаус хацыркын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Кодекс ахәҭаҷқәа ҩба инарықәыршәаны.