Аԥсны Аҵара аминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik ишиашоу ицо аефир аҿы еиҭеиҳәеит акоронавирус иахҟьаны иаԥшьгоу аԥкрақәа ртәы, онлаин-аурокқәа рымҩаԥгара алшара ыҟоу-иҟаму. Адырраҭара аҵыхәтәаны Адгәыр Какоба ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рахь ааԥхьарагьы ҟаиҵеит.