Река ақыҭа афельдшер: ажәлар рзы даара иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит
Река ақыҭа афельдшер Ламара Ҳашԥҳа-Қәычбериа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҿкычымазара змоу ауаа рҭагылазаашьа атәы, насгьы илҳәеит ақыҭақәа рҿы амбулатортә ҭыԥқәа раартра азҵаара ишазхәыцтәу.