Бадра Гәынба дрыдышшылеит зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Даур Инаҧшьба иҭынхацәа
Аҧсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба дрыдышшылеит зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист, «Агәымшәараз» амедали, Ахьӡ- Аҧша аорден III аҩаӡареи занашьаз Даур Инаҧшьба иҭынхацәа.
Адышшылараҿы иаҳәоит: «Агәхьаа ду ҳнаҭеит аҟыбаҩ ду злаз, еицырдыруа аҧсуа журналист Даур Инаҧшьба иаамҭамкәан иҧсҭазаара иалҵра.Аҧсуа милаҭтә журналистика иаиуит ацәыӡ ду. Даур Инаҧшьба дыруаӡәкын зыҧсҭазаара зегь ззаанаҭ иазызкыз, шықәсырацәала ааҧсара иқәымкан амаҵ азызуаз. Ахә ашьара уадаҩуп Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аан мрагыларатәии мраҭашәаратәии афронтқәа рҿы иибаз аџьабаа. Уи инапы иҵыҵыз арепортажқәа ҳаибашьра аҭоурых азы аҵак ду рымоуп.
Азаанаҭ азҟаза,аҩыза бзиа, ауаҩы лаша Даур Инаҧшьба наунагӡа ргәалашәараҿы даанхоит дыздыруаз зегьы».