Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Февраль
2018
1 2
3
4
5 6 7 8 9
10
11 12 13 14 15 16
17
18
19 20 21 22 23
24
25
26 27 28

Новости за 13.02.2018

Стенин ихьӡ зху афотожурналистика аиндаҭлара афонд х-миллионк инаӡеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит Андреи Стенин ииарамш аҽны. Аусумҭақәа рыдыркылалоит 2018 шықәса жәабранмза 28 рҟынӡа. Иалахәхар ауеит 18-33 шықәса зхыҵуа афоторепортиорцәеи афотоҭыхра бзиа избоуи.

Енвер Арџьениа: арадио еснагь азҿлымҳара аман

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Sputnik Аԥсны аинформациатә маҵзуреи арадиои "Арадиои аспорти" атемала ишәыдыргалоит адырраҭарақәеи, аиҿцәажәарақәеи, аналитикатә азгәаҭақәеи. Арадио ианакәзаалакгьы ахарахәара бзиа аман, ахатә ҭыԥгьы аанакылоит иҳәеит ҭелла арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы ажурналсит Енвер Арџьениа.

Аԥсуа университет аҩнымаҭәа ҿыцла еиқәдыршәоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҩбатәи асеместр алагара аҿҳәара инахеит ААУ акорпусқәа руак аудиториақәа ҩнымаҭәа ҿыцла иахьеиқәдыршәо иахҟьаны. Абри акорпус аҟны аҵара рҵоит афилологиатә, абиолого-географиатә, аекономикатә факультетқәа рыстудентцәа.

Лиудмила Гәымба: асцена сыԥсҭазаароуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Жәлар рартистка, Д.Гәлиа ипремиа алауриат, агәыԥ "Аԥсны-67" асолист Лиудмила Гәымԥҳа жәабран 13 рзы иазгәалҭоит лымш иира. Арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны ашәаҳәаҩ далацәажәеит лырҿиаратә мҩа.

Лиудмила Гәынба: асцена сыԥсҭазаароуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Жәлар рартистка, Д.Гәлиа ипремиа алауриат, агәыԥ "Аԥсны-67" асолист Лиудмила Гәынԥҳа жәабран 13 рзы иазгәалҭоит лымш иира. Арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны ашәаҳәаҩ далацәажәеит лырҿиаратә мҩа.

Беслан Агрба: адиаспорақәа зегьы аус рыцааулоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Беслан Агрба, ауаажәларратә еиҿкаара "Москватәи аԥсуа диаспора" арегионалтә напхгара ахантәаҩы аҽазныкгьы, 2018 шықәса жәабран 11 рзы имҩаԥысыз аиҿкаара аҳасабырба-алхратә еизараҟны аиҿкаара ахантәаҩыс далхуп.

Аџьԥҳа: асоциалтә усзуҩцәа аҩны ацхыраара рырҭоит 170-ҩык зхы иамыхәо ауаа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Иахьатәи амш азы Аԥсны ахы-аҵыхәа 170-ҩык иреиҳаны ари апрограмма ацхыраара рынаҭоит, 65 –ҩык асоциалтә усзуҩцәа рымаҵ руеит, абри атәы лҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра иатәу атәыла ауааԥсыра ацхыраара рыҭареи асоциалтә программақәа рыла реиқәыршәареи русбарҭа аиҳабы Инна Аџьԥҳа.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса