Ҳашԥҳа: ашьапылампылтә храҿа хада еиԥшу ргарцаз еиндаҭлоит ҳхәыҷқәа
Ахәыҷтәы-қәыԥштә шьапылампылтә клуб "Динамо" администратор, аҭаацәа рхеилак аиҳабы Гәыранда Ҳашԥҳа Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит адунеитә шьапылампылтә чемпионат аҟны ирырҭо ахраҿа хада еиԥшу ахраҿазы ишеиндаҭло Аԥснытәи ахәыҷқәа.