Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Декабрь
2018

Новости за 21.12.2018

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы зҵаара хаданы изхәаԥшыз

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба арадио аефир аҿы еиҭеиҳәеит ахәашаҽны ԥхынҷкәын 21 рзы Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы зҵааара хаданы ишалкааз афымцамч ахәԥса арҳаракра.

Арсҭаа: ҳамҩақәа рҿы аԥсҟы зку ауааԥсыра аҳаҭыреиқәҵара рыцәмаҷхеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Избан асветофорқәа ахьгылоу аҭыԥқәа рҿы амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара изацлаз, абри иазкны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Авторивиера" амҩаԥгаҩ Гарри Арсҭаа.

Ушакови Нахимови рбиустқәа ықәдыргылеит Очамчыра ақалақь

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа архәҭақәа рҿы ԥхынҷкәын 20, 2018 шықәса рзы аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩ Имш аҽны имҩаԥган аныҳәатә уснагӡатәқәа.

Рауль Ҳаџьымба Москва даҭаараны дыҟоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иусутә ныҟәара иалагӡаны ихы алаирхәуеит Москватәи амузыкатә театр 100-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа.

Аполлон Думаа: аҧсуа бырг иажəа иаӡбоз рацəан, ахааназгьы пату иқəын

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Иахьа зиира мшы ыҟоу Очамчыра араион абыргцəа реилазаара аиҳабы Аполлон Думаа дырзааҭгылоит напхгара зиҭо ахеилак аусуреи, аҧсуа бырг аҧсҭазаараҿы иааникыло аҭыҧи, аҿар ииашаны рааӡареи ирызку азҵаарақəа.




Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса