Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Март
2019

Новости за 03.03.2019

Адәыӷба №6: Искандер изы даҽа вагонк

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

20 шықәса раԥхьа Москва, Вахтангов ихьӡ зху атеатр аҟны имҩаԥган Фазиль Искандер 70 шықәса ихыҵра иазкыз ахәылԥаз. Уи иалахәыз, иахьа агазеҭ "Аԥсуа университет" редактор хадас иамоу апоет Алхас Чхамалиа еиҭеиҳәеит усҟан Москваҟа рцара шыҟалаз.

Арышԥҳа: аԥсуа хәыҷтәы канал аусура иазку апроект макьана изынагӡахом

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Тамила Арышԥҳа  Sputnik иалҭаз аинтервиу аҟны илҳәеит  ахәыҷқәа аԥсуа абызшәа дырҵара, агәыбылра дыркра иадҳәалоу апроектқәа рацәаны ишрымоу, аха аԥара аҟамзаара иахҟьаны урҭ рахьынтә иахьа аус зуа шмаҷу.

 "Хамыжә, уҽдыр": иахьакәзаалакгьы – ҳара иаҳтәу

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Хәажәкыра 3 - ахәыҷтәы телехәаԥшра иамшны иԥхьаӡоуп. Абри инадҳәаланы шәаԥхьарц ишәыдаагалоит иахьа аԥсуа хәыҷқәа рааӡараҿы ателехәаԥшра ныррас иамоу иазкны Sputnik аколумнист Аинар Ҷыҭанаа иазирхиаз астатиа.

Ачгара ду аҵалара: кәацла-бысҭала аишәа аргылара

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Хәажәкыра 3 инаркны ақьырсиан динхаҵаҩцәа зегьы рзы иалагоит ачгара ду. Аҧсуаа рытрадициаҟны ишаҧу ала, ачгара ианалаго инаркны ихацыркхоит Аиҭар-Бжьеиҭар иаҵанакуа аныҳәарақәагьы. Кәацла-бысҭала ҳәа иҟарҵо раҧхьатәи аишәаргылара атәы Есма Ҭодуа лматериал аҟны.

Анатоли Лагәлаа: агәра ҳгоит ажурнал "Алашара" еснагь гәырӷьаҿҳәашаны шәыҩнқәа ишрыҩнало

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

1955 шықәса хәажәкыра 3 рзы иҭыҵит ажурнал "Алашара" раԥхьаӡатәи аномер. Ажурнал аиреи ашьақәгылашьеи, иахьатәи аԥсҭазаареи дырзааҭгылоит уи аредактор хада Анатоли Лагәлаа. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.

Аҟаб агәырхаага

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Бзиа изымбода аҟаб, аиҳарак аӡынра?! Ижәны, мамзар афрын аҟны иӡны, афҩы хааӡа иануаҳалак хымԥада ухнахуеит. Аха аҟаб иалхны еиуеиԥшым ахаа-мыхаақәа Аԥсны имаҷны иҟарҵоит, уи иазҟазоу аиҳарак аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа роуп. Аҟаб аҟаҵашьақәеи, иалырхуа афатәқәеи ртәы ҳзеиҭалҳәеит Ҭырқәтәыла аԥсуа қыҭа Калдахәара инхо Фиқреҭ Чкәакәԥҳа.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
WTA

Азаренко вышла в 1/16 финала турнира WTA-1000 в Риме






Тайны актрисы Ирины Гриневой

Педагоги из Якутии провели мастер-классы и игры на выставке «Россия» в Москве

Пары из Подмосковья поженились на всероссийском фестивале свадеб

«Утопить в нечистотах!» Маньяк «Златоустовский паук» появился спустя 16 лет