Кәарцхьиаԥҳа Ҟрым азы: ашьхақәа алаҳамҵозар, Аԥсны ахьҳгәаланаршәо ыҟоуп
Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа ҭелла ажәабжь аалыцҳаит Аԥснытәи ажурналистцәа рзы Ҟрымҟа иеиҿкаау атур шымҩаԥысуа. "Ҟрымтәи аекспедициа. Зегьы лабҿаба" апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥы 19 инаркны 23-нӡа Аԥснытәи ажурналистцәа адгьылбжьахалаҟны иҟазаауеит.