Азинеиҿкааҩцәа ахада иалхрақәа раан азинеилагарақәа ҳәа акгьы азгәарымҭеит
Аԥсны ахада иалхрақәа раан абжьыҭара алҵшәақәа АКХ ирыланаҳәоит ашәахьа, цәыббра 9 рзы.
Аԥсны ахада иалхрақәа раан абжьыҭара алҵшәақәа АКХ ирыланаҳәоит ашәахьа, цәыббра 9 рзы.
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аус руан 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Геннади Гагәылиа акыр аамҭа аус ицзухьаз, аамҭак азы Ахәаахәҭра- ааглыхратә палата ахада ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Адгәыр Лышәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәалаиршәеит апалата аиҿкаара шыҟалаз, иусура дшазыҟаз.
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан асааҭ 18:00 рызтәи аҭагылазаашьала алхыҩцәа рааира иартәеит 50,99%.
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан Аԥсны иахьаҵанакуа иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа 152, Москвеи Черқьесски - акака. Ахадарахьы иқәгылан ҩыџьа акандидатцәа - Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи.
Алхрақәа шьақәгыларц азы ирылахәхараны иҟаз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара асааҭ 15:00 рзы иахыԥеит, усҟан рыбжьы арҭахьан 38,41% алхыҩцәа.
Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба алхрақәа рнаҩс иҵегьы ҳаиӷьхап ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.
Гагра араион алхыҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхра ныҳәак еиԥш иаԥылоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит амҽыша, цәыббра 8, 2019 шықәса рзы. Ахада аамҭакала дицалырхуеит ихаҭыԥуаҩыс зыӡбахә ҳәо акандидат.
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур иҿыцӡоу аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит. Зынӡа атәылаҿы иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ, Москвеи Черқьесски – акака алхырҭатә ҭыԥ.
Алхрақәа ирылахәхараны иҟаз ауааԥсыра абжьыҭарахь рнеира иартәеит 38,41%.
Аԥсны алхратә комиссиа хада ирыланаҳәеит аҩбатәи атур аан алхыҩцәа абжьыҭарахь рнеишьа атәы.
Ажурналист Саид Џьарсалиа ичара аҽны алхырҭатә ҭыԥ №3 аҟны днеины Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны ибжьы аиҭеит. Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур Аԥсны имҩаԥысуеит цәыббрамза 8 рзы.
Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысуеит цәыббра 8 рзы. Абжьыҭарақәа хылаԥшра рырҭоит 12-ҩык анаԥшыҩцәа Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Лугански Донецки Жәлар рреспубликақәа рхаҭарнакцәа.
Алхрақәа аҩбатәи ртур аан азеинеиҿкаара иахылаԥшует аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 700-ҩык.
Аԥсны аԥыза-министрс иҟаз Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз, цәыббра 8 2018 шықәсазы иҟалаз амашәыр иахҟьаны.
Иахьа, ашьыжь асааҭ ааба рынахыс Гагра араион аҟны аусура иалагеит алхратә ҭыԥ хадақәа хәба ирыҵаркуа алхырҭатә ҭыԥқәа 29.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит амҽыша, цәыббра 8, 2019 шықәса рзы. Ахада аамҭакала дицалырхуеит ихаҭыԥуаҩыс зыӡбахә ҳәо акандидат.
Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аан алхырҭатә ҭыԥқәа аус руеит ақалақьқәа Москвеи Черқьесски рҟны.
Цәыббра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур. Алхрақәа ирыдырҳәало ргәыӷрақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит алхыҩ Даур Инаԥшьба.
Аԥсны ауааԥсыра еиҭарҳәоит атәыла ахада иалхра аҩбатәи ртур аҟынтәи иззыԥшу, абжьыҭарахь анеира ахәҭаны изырбо.
Аԥсны ахада далырхуеит амҽыша, цәыббра 8 рзы. Алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны.
Лыхнытәи 16 алхырҭатә ҭыԥ хада алхратә комиссиа ахантәаҩы Асҭамыр Бганба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҩбатәи атур аҟны 80 процент рҟынӡа алхыҩцәа абжьыҭара рхы аладырхәып ҳәа агәыӷра шыҟоу.
Аԥсны иахьатәи ахада, атәыла ахадарахь акандидат Рауль Ҳаџьымба аҩбатәи атур ахь днеиит 24,83% алхыҩцәа рыбжьы иманы.
Аԥсны иахьаҵанакуа иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ. Иара убасгьы абжьыҭара ҟалоит Москвеи Черқьесски.