Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Октябрь
2019

Новости за 24.10.2019

Логәуа: Аԥсны ахьыҟоу ззымдыруаз иахьа ибзиоу ацәаныррақәа иманы аҩныҟа дхынҳәуеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша аиҳабы, асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәатәи арт-пленер "Ҭагалан аԥшшәхәқәа" алҵшәақәа ртәы.

Ҷыҭанаа Аԥсны ада џьара иззымҳауа аҵиаахкқәа рзы: аекологиа шеиқәырхоу арҵабыргуеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәыла мацараҿы изызҳауа аҵиаақәа рхыԥхьаӡара акырӡа ишырацәоу асоветтә аамҭазы иҭыҵыз Ашәҟәы ҟаԥшь иану аиҳа.

Гәниаԥҳа: аполиомиелит азы алаҵа хымԥада иҟаҵатәу рахь иаҵанакуеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аполиомиелит чымазара хказы Аԥсны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, иабанӡашәарҭоу иара уи аҿкы ауаҩы изы? Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны астудиаҿы еиҭалҳәеит аҳақьым-апедиатр, Агәабзиарахьчара аминистрра аиммунизациазы аспециалист хада Есма Гәниаԥҳа.

Аԥсны акультура аҿиара 18 миллион ахҭынҵахоит 2020 шықәсазы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараан, жьҭаара 23 рзы Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа иӡырылгеит "2020 шықәсазтәи Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ауснагӡатәқәа рыплан".

Аршба еиҭеиҳәеит сынтәа Аԥсны шаҟаҩы ԥсшьара иаҭаахьоу

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Акурортқәеи атуризми рминистрра Аинформациала аиқәыршәареи ахыԥшатә политикеи рзы аҟәша аиҳабы Саид Аршба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ԥсшьара ҳәа ҳтәылахь иааз рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо.

Аҟәа Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә еимадарақәа ирылацәажәеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Жәларбжьаратәи аинтеллектуалтә клуб "Диалог" хықәкыс иамоуп акультуратә проектқәа рылацәажәара ахьалыршахо аҭыԥ аԥҵара. Иара еиҿкаауп Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакраҿы, 2019 шықәса ԥхынгәымзазы.

Аԥсны ААР аҟны хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы акомиссиа аԥырҵоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵахо акомиссиа аусурахь иаҵанакуеит 1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рганахьала аинформациа аизгареи анализ азуреи.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
WTA

Потапова не смогла пробиться во второй круг турнира WTA в Страсбурге






Проект трамвайной линии «Славянка» представлен на конкурсе «Пространство будущего» на ВДНХ

Яркая бунтарка с целью и талантом: «жестокий романс» жизни актрисы Ларисы Гузеевой

Эксперт Президентской академии в Санкт-Петербурге о Международном фестивале боевых искусств

Гимназию в Больших Вяземах отремонтируют в июле