Ҭарба: сынтәа афеихоа аҽаҩра бзиоуп, аха ахә маҷуп
Гәылрыԥшь араион аҿы 450 тонна афеихоа аҭагалара иазыԥшуп, уажәы анхацәа аҽаҩра аизгареи аҭиреи иаҿуп. Иахьазы 400 тонна раҟара рҭихьеит иҳәеит Аԥсны Ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба Sputnik Аԥсны акорреcпондент даниҿцәажәоз.