Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Апрель
2020

Новости за 11.04.2020

Ақыҭақәеи аҳаблақәеи рхадацәа аҳәаанырцәынтә иааз рыҽшыԥхьаркуа иахылаԥшлоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба мшаԥы 11 рзы Гагра араион ахадара ахыбраҿы имҩаԥигеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкыз аизара.

Ауаҩытәыҩсатә гыгшәыгра: мшаԥы 11 Афашисттә концлагерқәа рбаандаҩцәа ирымшуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Мшаԥы 11 Афашисттә концлагерқәа рбаандаҩцәа ирымшны иԥхьаӡоуп. Иртҟәаз ауааԥсыра ргәаҟны, ахлымӡаахҵәҟьа ахьырхыргоз аҭыԥқәа рахь инанагақәаз аԥсуаагьы ыҟоуп. Урҭ иреиуоу Мас Еныкь иҭоурых ҳадылгалоит Саида Жьиԥҳа.

Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ аилагаразы жәохәҩык ааныркылеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гагра араион аҿы акоменданттә сааҭ арежим аус ауеит ахәылбыҽха асааҭ ааба инаркны ашьыжь асааҭ быжьа рҟынӡа, ари аҩыза аԥкрақәа аларгалеит атәылаҿы акоронавирус алаҵәара алмыршаразы.

Ԥачлиа еиҭеиҳәеит атәылаҿы аҭагылазаашьа ҷыда аналагалоу аиқәырхаҩцәа русура шыҟоу

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ачымазара ҿкы иаҿагыланы ақәԥаразы ауснагӡатәқәа рхы шрыладырхәуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Очамчыра араион абылраҽацәыхьчара-аиқәырхаратә хәҭа аиҳабы Мурман Ԥачлиа.

Акарантини ақыҭеи: ажурналист Сырма Ашәԥҳа хаҳарала лаамҭа шылхылго

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ачымазара ҿкы Аԥсны иалаҵәоит ҳәа иҟоу ашәарҭара ҳасаб азуны аиҳабыра иаларгалаз акарантин инамаданы ирацәаҩхеит зқыҭақәа рахь ицаны, уажәы ааԥынра злаҟоу ала, зҵакырақәа рҟны ихандеиуа ауаа. Убас, Sputnik аколумнист Сырма Ашәԥҳа адгьылқәаарыхра ҩаԥхьа лнапы алалкит.

Џьопуа: ичмазаҩу уимыхәозар, уаламцәажәан ичымазара

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ачымазара азнеишьа далацәажәо, Аҟәа ақалақь ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит, уи аиааира алзыршо ахымҩаԥгашьа ахәыцра шаҭахым, иалагалоу аԥҟарақәа ишрықәныҟәатәу.

Аметодқәа зегь бзиоуп, мамзаргьы COVID-19 ҳшаҿагыло

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Адунеи иалаҵәаз ачымазара ҿкы акоронавирус Аԥсынгьы, ҳәара аҭахума, ауаа ршьара иқәнарҟьеит. Аха иҟоуп алаф зхуҳәаашагьы ахҭысқәа. Убас, ариабжьарак дзықәшәаз ҳзеиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
ATP

Андрей Рублев поднялся на шестое место в рейтинге ATP






Эксперты рассказали о росте цен на недвижимость в России из-за льготной ипотеки

«Большая часть израильских поселенцев — маргиналитет из США и Европы»

Туляки завоевали медали Кубка России и Всероссийских соревнований по судомодельному спорту