Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Май
2020

Новости за 09.05.2020

Бобуаԥҳа: саб аибашьра атәы аҳәара ицәымӷын, машәыршақә исаҳаз ауп ихигаз азы издыруа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik амҩаԥгаҩцәа аиҿцәажәарақәа анырҵоит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Харитон Бобуа иҭоурых аефир аҟны еиҭалҳәеит иԥҳа Емма Бобуаԥҳа.

Аибашьра иалаӡыз: аишьцәа Михаили Баџьеи Хагәшьаа рҭоурых

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иахәлабгаз аԥсуа еибашьцәа рҭоурых иахьагьы ашьақәыргылара иаҿуп. Иҟоуп ибжьаӡны зхабар аилкаара макьаназы иалмыршахазгьы. Ҩыџьа аишьцәа Хагәшьаа, Михаили Баџьеи, рлахьынҵа зеиԥшрахаз атәы ҳадылгалоит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.

Саншьа илахьынҵа шеилкаахаз: Амброси Ҷежьиа иҭоурых

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахь Аԥснынтә еибашьра ицаз рахьтә аа-нызқьҩык рҟынӡа хабарда ибжьаӡит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланшьа Амброси Ҷежьиагьы. Ааигәа уи илахьынҵа шеилкаахаз атәы шәаԥхьа иазлырхиаз анҵамҭаҿы.



Агәабзиарахьчара аминистрра: ичмазаҩхаз ԥшьҩык Москва аҵара зҵо ҳастудентцәа роуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Акоронавирус рыхьит ҳәа ишьақәыргылаз ԥшьҩык ачымазцәа Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭахь ииагоуп, уа дара иақәнагоу ахәышәтәра иахысуеит. Астудентцәа рҭагылазаашьа хар амам ҳәа ахәшьара арҭоит аҳақьымцәа.

Ҭраԥшьԥҳа лабду аԥшыхәҩы изы: хаҭала дахьсзымдыруаз хьаазгоит, аха сазгәыдууп ихаҵара

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik амҩаԥгаҩцәа аиҿцәажәарақәа анырҵоит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Азиз Ҭраԥшь иеибашьратә мҩа аефир аҟны еиҭалҳәеит уи имоҭа Алика Ҭраԥшьԥҳа.

Нугзар Логәуа Гиви Смыр изкны: агәаӷьра злаз аԥсыуа хаҵан, дпатриот дуун

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 75 шықәса ихыҵуазаарын ԥсабарала абаҩхатəра злаз асахьаҭыхҩы, аскульптор, Афонҿыцтəи аҳаԥы аартҩы, аибашьҩы Гиви Смыр. Уи имшира аҽны гəыблыла дигəалаиршəоит иара иҩыза Нугзар Логəуа.

Аветеран Қапба: Аиааира Ду амш Венгриа саԥылеит, схәын, сшьапқәа срықәгыло сыҟамызт

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гәдоуҭа араион Џьырхәа акыҭан инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Дараҭиа Қапба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит 1945 шықәсазы Аиааира ду дахьаԥылаз.

Ҩ-еибашьрак дырхаанхеит, аха игәы мцаӡеит: аветеран Владимир Ануа изкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟəатəи актəи абжьаратə школ аԥсуа бызшəеи алитературеи рырҵаҩы Лиудмила Ануаԥҳа Аџьынџьтəылатə еибашьра Ду иалахəыз лаб Владимир (Џьумка) Кəасҭа-иԥа Ануа дызнысыз аибашьратə мҩеи, изылкыз ажəеинраалеи, имшынҵа иагəылылгаз ахҭысқəеи ҳзеиҭалҳəоит.

Матросов ифырхаҵара еиҭаҟазҵаз: Нарҭаа рцыԥҵәаха Володиа Ԥачлиа иҭоурых

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ԥақәашьтәи арԥыс Володиа Ԥачлиа, Матросов ифырхаҵара еиҭаҟазҵаз ҳәа зыӡбахә еицырдыруа аҵеи, иашьа имаҭа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша II акурс астудент Шьазина Аԥшьлааԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит аибашьҩы гәымшәа ифырхаҵаратә мҩа.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
Арина Соболенко

Швентек отыграла у Соболенко три матчбола и стала самой молодой теннисисткой с 20 титулами с 2012-го






Росія планує диверсії по всій Європі, – ЗМІ

Спасение спасающих: почему в Пермском крае массово увольняются сотрудники МЧС

Адвокат Тимура Иванова хочет обжаловать решение суда для смягчения приговора

Мигранты в Люберцах выкрали 16-летнего парня и увезли в лес