Хынҭәба еиҭеиҳәеит Галхәыҷ инхо уадаҩрас ирымоу атәы
Тҟәарчал араион ақыҭа Галхәыҷ администрациа ахада Славик Хынҭәба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭауаа рнапы злаку, уадаҩрас ирымоу атәы.
Тҟәарчал араион ақыҭа Галхәыҷ администрациа ахада Славик Хынҭәба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭауаа рнапы злаку, уадаҩрас ирымоу атәы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазкыз Аладатәи арратә округ аруаа автомашьынала рымҩанысра рҽаладырхәит аҭыԥантәи ауааԥсыра.
ВОЗ адыррақәа рыла адунеи аҿы 9,2 миллионҩык COVID-19 рымоуп, рҽырхәышәтәхьеит 4 миллионки 600 нызқьҩык, 470 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.
Аԥсны Аҵәахбанк ауааԥсыра акредитқәа рзоушьҭра ааннакылеит ԥхынгәы 1, 2019 шықәса инаркны аԥарақәа разымхара инамаданы, хәажәкырамза инаркны еиҭахацнаркхьан, аха уажәшьҭа ҩааԥхьа иааннакылеит.
Амассатә информациатә хархәагақәеи ауаажәларреи рымадаразы Аԥсуа драматә театр адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит акарантин ашьҭахь атеатр ахәаԥшцәа ирыднагало ақәыргыламҭақәа ртәы.
Аҳәынҭеилакы "Аԥсныбылтәы" иақәу 40 миллион иҟоу акредит ахарҭәааразы атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа рҟынтәи аԥара ахырхуеит ҳәа ацәажәарақәа аҭыԥ рыман асоциалтә ҳақәа рҿы аԥхынра алагамҭаз.
Амассатә информациатә хархәагақәа рымадаразы Аҳәынҭқарра ахада иҟны иҟоу аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Москва Ашҭа ҟаԥшь аҟны Аиааира ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы аныҳәа аиҿкаашьа шыҟаз.
Ашәахтә мҽхакы ҭбаала изымшәо ирықәырҵо ахараԥса 50 - 150 нызқь мааҭ инаӡоит, ма 2-5 шықәса аҭакра рықәырҵар алшоит.
Ашҭа ҟаԥшь аҿы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз апарад хыркәшоуп. Аныҳәаҟынтә иреиӷьу аҭыхымҭақәа Sputnik афотонҵамҭаҟны.
Анасыԥ аиуразы иҟаҵатәу, мамзаргьы уи иаԥырхагахар зылшо ҳәа жәлар разгәаҭақәа арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны лаҵара 9 аҟынтәи рашәара 24 ахь ииаган.
Аҟәа ақалақь ахадара аусурақәа мҩаԥнагоит Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿи ақалақь апаркқәа руак аҿи.
Аԥсны ахада Ашҭа ҟаԥшь аҟны ар рымҩанысра иалагаанӡа урыстәылатәи иколлега Владимир Путин диԥылеит.
Аԥсны ахада иалхрақәа раан кандидатс иқәгылаз Артур Анқәаб ауаҩы имҵарсра харас издырҵоз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа рашәара 23 рзы ихы дақәиҭнатәит.
Апарламент ахь адепутатразы акандидатцәа зегьы еиҟароу аефиртә аамҭа рзыԥҵәоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшраҿы.