АҦСНЫ АРАИОНҚƏА ЗЕГЬ РҞЫНТƏИ АИҲАБЫРАТƏИ АБИҦАРА РХАҬАРНАКЦƏА ААҦХЬАРА РЫДЫРКЫЛЕИТ
Аҟуа. Жьҭаарамза 15. Аҧсны-Информ. Имҩаҧысит Аҧсны араионқəа зегь рҟынтəи аиҳабыратəи абиҧара рхаҭарнакцəа реиҧылара. Уаҟа иалацəажəан иахьа Аҧсны иҟоу ауаажəларра-политикатə ҭагылазаашьа. Иазгəаҭан ишымҩаҧысуа ҳҳəынҭқарра аҟазаара ашəарҭа иҭазыргыло ахҭысқəа. Иӡбан Аҳəынҭқарра аиқəырхаразы азеиҧшмилаҭҭə хеилак аҩныҵҟа ишаҧҵазаауа аиҳабаратə абиҧара ргəаанагарақəа реибыҳəарҭа ахеилак. Ақəгыларақəа рышьҭахь ирыдыркылеит Ааҧхьара.
Читать дальше...