Нальчик имҩаԥысуаз аҟазара аолимпиадаҿы аԥснытәи ансамбль қәҿиарала иқәгылеит
III Жәларбжьаратәи аҟазараз аолимпиада "Таланты Евразии – 2019" мҩаԥысит Нальчик, ажьырныҳәа 3 - 6 рзы.
III Жәларбжьаратәи аҟазараз аолимпиада "Таланты Евразии – 2019" мҩаԥысит Нальчик, ажьырныҳәа 3 - 6 рзы.
Аԥсны аҭаацәара аԥызҵо ҳџьынџьуаа ирзырхо ацхыраара атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистрра асоциалтә-бзазаратә ҟәша аиҳабы Алиас Нанба.
Ашықәс ҿыцаз Аԥсныҟа иааз атуристцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшраз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акурортқәеи атуризмеи рзы аминистрра аспециалист хада Саид Аршба.
Аҳәаахьчаҩцәа иааныркылаз аԥҳәыс анаркотикатә маҭәашьарқәа ирыдҳәаланы аусӡбара азхьаԥшра лнаҭахьан.
2019 шықәса рзы Аԥсны 246 усуратә мши 119 ԥсшьара мши ҟалоит.
Аԥсны аҳәынҭстандарт ахантәаҩы Гарри Саманба еиҭеиҳәеит ареспублика ашколқәа рҟны ашколхәыҷқәа рыкрыфара аҳәаақәҵараз азакәан апроект алацәажәара шцо.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба далахәхараны дыҟоуп Венесуела ахада Николас Мадура иинаугурациа.
2018-2019 шықәсазтәи ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭа хацыркхеит ԥхынҷкәын 24 рзы, ихыркәшахоит хәажәкыра 31 рзы.
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Амшын Еиқәа аҟны аԥсыӡкра шцо атәы.