Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Октябрь
2021
1 2 3 4 5 6 7 8 9 10 11
12
13
14
15
16
17
18
19
20
21
22
23
24
25
26
27
28
29
30
31

Новости за 03.10.2021

Аҭоурых иагәылаҵәаху: Барцыц Аԥсны аихаҵхра, уи аус адулара иазкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Археолог Руслан Барцыц арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит Аԥсны аихаҵхырҭақәа рыҭҵаара иадҳәалоу аекспедициа дшалахәыз асовет аамҭазы, аихалых араҟа хархәарас иамаз атәы.

Аиааира амши азакәандареи: амилициааи, адепутатцәеи, аветеранцәеи реимак иазкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Цәыббра 30 ауха Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахысра инамаданы амилициааи, аибашьра аветеранцәеи, адепутати реидысларазы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Бжьаниа аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара дырӷәӷәарц адҵа ҟаиҵеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа иусутә ныҟәара аанкыланы дхынҳәит аибашьра аветеранцәеи, адепутат Гарри Кокаиеи, амилициа аусзуҩцәеи цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы ирыбжьалаз аимак иахҟьаны.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз аҳәарала аамҭала дамхуп ахысразы ашьаусҭҵаара цонаҵы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Азинхьчаҩцәеи, Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, аӡҩыбжьатәи аибашьра аветеранцәеи рыбжьара аимак ҟалеит цәыббра 30 ауха Аҟәа аԥшаҳәаҿы, Аиааира амш азгәаҭара ашьҭахь.

Бжьаниа Москваҟа иусутә визит аҟынтәи заанаҵ дхынҳәит Аҟәа иҟалаз ахысра инамаданы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Цәыббра 30 ахәылбыҽха Аҟәа аԥшаҳәаҿы ахысра ҟалеит, уи ахҭыс далахәын адепутат Гарри Кокаиа. ААР адыррала, иара амилициа рганахьала ихжәаны ихы мҩаԥигеит, абџьар рыҭара мап ацәикит.



"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ауаа амитинг ахь ицәырҵырц 

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы амилициааи аветеранцәеи рыбжьара иҟалаз аимак иалахәыз аветеранцәеи аветерантә еиҿкаара "Аруаа" анапхгареи, Аҩыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәеи рпресс-конференциа мҩаԥысит АРСМИРА аҿы жьҭаара 3 рзы.

Алаӷырӡ ахьыҟоу аччарагь ыҟоуп: апозициаҿы алаф иазкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

"Аԥсра ахьыҟоу аирагьы ыҟоуп" ҳәа шырҳәо еиԥш, алаӷырӡ ахьыҟоу аччарагьы ацуп - ус ишоуп аԥсҭазаара, аԥсҭазаара ахьыҟоу агәыӷрагьы ыҟоуп. Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа дазааҭгылоит аибашьраан алафҳәара иааннакыло аҭыԥ.

"Сабдуцәа рышьҭа сыхгылеит": абла ҳақьым Зеқьи Лацәышба иҭоурых

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҳџьынџьуаҩ адунеи аҟны иреиӷьу абла ҳақьымцәа дырхыԥхьаӡалоуп. Иара изныкымкәа ихәшәтәхьеит Аԥснынтәи изнеихьоу ауаагьы. Зеқьи Лацәышба изанааҭ аҟны дшышьақәгылази Аԥсназы игәҭахәыцрақәеи ирызкуп анаҩстәи анҵамҭа.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аветеран-арепатриант Бганба Аԥсны анхарҭа шиоуз

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Леон иорден занашьоу, Ҭырқәтәылантә зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иааз Альԥер Бганба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны анхара иара изы ҵакыс иамоу, дзыргәырӷьо, игәы изырхьуа атәы.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
WTA

Самсонова победила Осаку и вышла в третий круг турнира WTA 1000 в Мадриде






Дело арестованного Тимура Иванова обрастает новыми подробностями, спорный кандидат на пост министра транспорта

РФ в 2023 году заняла почти треть мирового рынка урана

Фигуристка из Карелии заняла первое место на всероссийских соревнованиях

Объявлены победители конкурса артистов балета «Арабеск»