Аҩӡба еиҭеиҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра зеиԥшроу атәы
"Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" реилахәыра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра зеиԥшроуи, ҳазҭоу ашықәс азы шаҟа гектар аӡахәа еиҭарҳараны иҟоуи, апандемиа раалыҵ аҭира ишаныԥшызи ртәы.