Аибашьҩы Берзениа: аӡә ида ҳаанымхаргьы, ҳаԥсадгьыл ҳара ишаҳтәу инхар акәын
Цәыббрамза 29 рзы, 28 шықәса раԥхьа Кәыдрытәи ацҳаҿы Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа еиԥылеит, уи ахҭыс иалахәыз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Расим Берзениа.