Археолог Сангәлиа: аҳамҭақәа ирҳамҭоуп ҳазлаҟоу ҳаиӷьны, бзиа ҳаибабо аҟазаара
Жьҭаарамза 9 азы 60 шықәса ихыҵит аҵарауаҩ, археолог Гарри Сангәлиа. Аиубилиар арадио Sputnik аефираҿы еиҭеиҳәеит иирамш дшазыҟоу, 60 шықәса ирылагӡаны дзыхьӡаз рҟынтәи иаликаауа, насгьы гәҭакқәас имоу.