Бганба акоронавирус аҿагыларазы амчқәа зегь реизыркәкәара аҭахуп иҳәеит
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалаз раԥхьатәи ауаҩԥсы Гагра ақалақь аҿы дынхоит. Иара уажәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп. Аепидемиологиатә маҵзура иара дызнырыр зылшоз ауаа рышьақәыргылара иаҿуп.