Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Февраль
2020

Новости за 02.02.2020

Аҭоурых иагәылаҵәаху: аԥсуа ԥҳәыс лкьаҿ аҭоурых иазкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ауаҩы ицәамаҭәа иадҳәалоу амузеи аҿы иӡыргоу експонатк аҭоурых атәы.

Кәыҵниаԥҳа аҿари аспорти рзы аилак аусуразы: аҿар ридеиақәа нарыгӡар ахьрылшо ҭыԥуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҳҭнықалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аспециалист хада Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит русбарҭаҟны рнапы злаку аус, аҿар дара рахь ишадҵаало, проектқәас ирыдыргалар рылшо.

Ахәышҭаарамца аҵакы аԥсуаа ртрадициатә культураҿы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Амца адунеи злашьақәгылоу акқәа иреиуоуп. Аԥсуаа амца иахәаԥшуеит аԥсҭазаара зырҿио еиԥш, ақәӡаара аҵакы амангьы. Ахәышҭаара аԥсуа иԥсҭазаараҿы иааннакыло аҭыԥ НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ, афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуа ланҵамҭаҿы.

Џьынџьалԥҳа Аӡынтәи афестиваль аҿы рықәгыларазы: егьырҭ ахорқәа ҳрыҵахарым

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Жәабранмзазы Шәача имҩаԥысраны иҟоу XIII Аӡынтәи жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль иалахәхоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла. Уи анапхгаҩы Нора Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аҽазыҟаҵарақәа шцо атәы.

Инна Ҳаџьымԥҳа: зегь раасҭа бзиа избоит ауаҩы данхәыцуа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Мышқәак раԥхьа лымшира азгәалҭон аԥсуа журналист, ҳашьхақәа рдоуҳа, ҳахшыҩҭрақәа иара убас ахәыҷқәа ирзырхоу адырраҭарақәа акымкәа-ҩбамкәа иаԥызҵахьоу Инна Ҳаџьымԥҳа. Ишәыдаагалоит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа ианиҵаз аинтерес зҵоу аиҿцәажәара.

Сҭампыл Кавказ акультура ӡырызго: ҳџьынџьуаҩ Сабаҳаҭ Саӡԥҳа лҭоурых

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Кавказ жәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи назыгӡо, еиуеиԥшым амузыкатә инструментқәа рарҳәара иазҟазоу Сабаҳаҭ Саӡԥҳа иахьа Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа рыбжьара лҟазара ихнамххьоу дыҟамзар ҟалап. Уи илызку анҵамҭа ҳадылгалоит Саида Жьиԥҳа.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
WTA

Свентек переиграла Соболенко и выиграла титул WTA в Мадриде






Стоп, снято: мошенники придумали новые схемы с фейковыми фотосессиями

Обзор: в апреле 2024 года в России открылись 12 новых производств

Гештальт-психолог Саморукова напала на сотрудницу отеля в Москве

Концерт клуба авторской военной песни «Ветер Победы» состоялся в Музее Победы