Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Февраль
2020

Новости за 21.02.2020

Корсаиаԥҳа Гәлиа иҩны-амузеи азы: зыԥсы ҭоу хәышҭаароуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Дырмит Гәлиа 146 шықәса ихыҵра ҳтәылаҿы ишазгәаҭахо, иара илагала ҳмилаҭҭә культураҿы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аҟазараҭҵааҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа.

Аҩӡба Польша аҭоурых аицакразы: аиаша рхәыҽуеит ҳәа иаҿуп, аха уи иадгыло рацәоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Польша атәылауаа рыбжьара имҩаԥгаз аҭҵаарақәа алкаақәа рзыҟаиҵеит. Дара ирызҵаауан дарбан жәабран 1945 шықәса рзы Освенцим ахы иақәиҭызтәыз, насгьы иҭабуп ҳәарарҳәома Ар ҟаԥшь.

Тҟәарчал ахада лусурахь лынамышьҭразы аҽазышәара ҟарҵоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ахәаша, жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿаԥхьа еизеит гәыԥҩык атәылауаа. Дара ахыбра аҩналарҭа ашә ршәаҳаит, араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа дықәҵыроуп ҳәа иқәгылеит. Ахада лыдгылаҩцәеи иааизи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит.

Аӡатә, агәи-агәаҵәеи: абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭҳа аныхаԥааҩ даҭоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҵыхәтәантәи аубых ҭауад Ҳаџьы Берзек Кьерантыхә ихылҵшьҭра иеиуоу Руслан Берзек, Быҭҳа-ныха ныхаԥааҩыс далырхит жәабран 20 рзы. Иара иахьатәи Шәача иахьаҵанакуа иҟоу абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭҳа амаҵ азиулараны дыҟоуп.

Аԥсны аҵыхәан: ҳтәыла реиҳа инаскьагоу ақыҭақәа руак аҟны ашколхәыҷқәа рыԥсҭазаашьа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гал араион иаҵанакуа Гагьида ақыҭа игылоуп шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа ашкол. Кыр шықәса ҵуеит ашкол аҩнуҵҟа арҽеирақәа мҩаԥырымгеижьҭеи, аҭагылазаашьа асҟак ишыуадаҩугьы, аҭыԥантәи ашколхәыҷкәа аҵара процесс рҽагдырхом.

Анқәабԥҳа: абызшәа аиқәырхаразы аусура цозароуп "хыхьынтәгьы" "ҵаҟантәгьы"

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуаҭҵааратә институт адиалектологиатә лабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, афилолог Альбина Анқәабҳәа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит лгәаанагара аԥсуаа рхатәы бызшәа ахархәара амазарцаз иҟаҵатәу.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса