Урыстәылатәи аекспертцәа Аԥсны амедусбарҭақәа русушьа гәарҭеит
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аекспертцәа русуратә аҭаара алҵшәақәа ирызку аилацәажәара мҩаԥыргоит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа дадгаланы.
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аекспертцәа русуратә аҭаара алҵшәақәа ирызку аилацәажәара мҩаԥыргоит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа дадгаланы.
Гәылрыԥшь араион аҵара аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арубрика "Раионк аԥсҭазараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион аҟны иахьа еиҿкаахо афестиваль зызку, уи ахьымҩаԥырго атәы.
Иахьазы Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 107-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа ақалақь амш азы иаатыз ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" шьақәгылоуп ХХ-тәи ашәышықәсеи ҳаамҭазтәии аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аҟәа иазку рҭыхымҭақәа 40 рыла.
Аруаа имҩаԥыргаз аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа реихсра ҳаамҭазтәи аибашьратә ԥышәа анализи, Аладатәи арратә округ аҟәшақәа рхы иадырхәо атактика аҿиареи шьаҭас ирымоуп.
2020 шықәса хәажәкыра 16 рзы амилициаа хысрала ирцәыбналарц зҽазызшәаз ԥшьҩык ауааԥсыра аанкылан.
Афонҿыцтәи аҳаԥы аекскурсиа амҩаԥгаҩ Алмасхан Агәмаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акарантин ашьҭахь аҳаԥы аҭааҩцәа рыдкылара шеиҿкаау.
Аԥсни Урыстәылеи еицырзеиԥшу аҳәаа аадыртит нанҳәа 1 азы.
Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәшаҿы адкыларатә ԥҟарақәа еиҭаркит.
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә округ артиллеристцәа рдыррақәа ирыздырҳауан артиллериатә ԥшыхәцәеи, аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа ррасчотқәеи алархәны.
Аԥсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит ауаажәларратә усзуҩ Хьрыԥс Џьапуа.
Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны акоронавирустә инфекциа акыр алаҵәара аиуит. Аҿкыра зыхьыз реиҳараҩык амедицинатә усзуҩцәеи урҭ рҭаацәарақәеи роуп.
Акультура аминистрра аконцертқәеи агастрольқәеи рыҟәша аиҳабы Адамыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арҿиаратә коллективқәа Аԥсны аҩныҵаҟа рықәгыларақәа шарбоу, иахьымҩаԥысуа, араионқәа рҟны ақәгыларақәа рзы уадаҩрас ирԥылало атәы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳазалхратә маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов.
Иахьазы Аԥсны авирус роухьеит 98-ҩык, урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.