Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Август
2020

Новости за 31.08.2020

Афбатәи ашкол акарантин ахь: аҟәатәи ашколқәа аҵарашықәс рыҽшазыҟарҵаз

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа нанҳәа 21 рзы адырра ҟаиҵеит ашколқәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа, ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҵарашықәс цәыббра 1 азы иаладыргарц ргәы ишҭоу.

Камлиа аԥсуа ҽыҩқәа Урыстәыла риааиразы: зегьы уамашәа ирбеит аԥсуаа каамеҭ ҟарҵоит ҳәа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Амилаҭтә олимпиатә еилакы жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы аофициалтә хаҭарнак Аслан Камлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Краснодари Ростови аҽырҩырҭақәа рҟны аԥсуа ҽқәа иаадырԥшыз алҵшәақәа ртәы.

Аҳәса рҳақьым Инна Ҳашыгԥҳа: ауаҩы иира анашана иаҩызоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

22 шықәса раахыс аҳәса рҳақьымс иҟоу, ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа шьҭызххьоу, шәҩыла аҳәса рчымазарақәа зхәышәтәхьоу Инна Сергеи-иԥҳа Ҳашыг иаҳзеиҭалҳәеит ари аус иацу аҭакԥхықәра атәы.

Џьопуа еиҭеиҳәеит СOVID-19 зыдбалоу аҩны зҽызхәышәтәуа рзы ацхыраара лас аус шауа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәа ақалақь ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акороновирус зыдбалоу аҩны зҽызхәышәтәуа ироуа ацхыраара, насгьы урҭ ианаҭаххалак аамҭазы Гәдоуҭаҟа рымҩаԥгара аус шеиҿкаау атәы.

Иԥсҭазаара далҵит 50 шықәса аҵара-ааӡара иазызкыз Илиа Канџьариа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Иԥсҭазаара далҵит 50 шықәса Гагра араион аҵарадырра иазызкыз, Жәлар рфорум раԥхьатәи анапхгаҩцәа иреиуаз Илиа Ефим-иԥа Канџьариа. Аҩыза изы ажәа рҳәеит акраамҭа аус ицзухьаз, ибзиаӡаны дыздыруаз иҩызцәа.

Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Арбаика аҳаԥаҟнытә аԥсыбаҩ ахагаларазы аусурақәа ртәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Арбаика иҟоу аҳаԥаҟны иҭахаз урыстәылатәи аспелеолог Демидов иԥсыбаҩ ахагалараҿы аԥсуа еиқәырхаҩцәа русура зызку атәы.

Иҷыдоу аушьҭратә бӷьыцқәа рыла мацара: лабраа рқыҭаҿы акарантин аан ишеиҭаҵуа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи Асанитартә епидемиологиатә станциеи нанҳәа 25 рзы Лабра ақыҭан 14-мштәи акарантин аларгаларц рыӡбеит акоронавирус зцәа иалаз уи ақыҭауаҩык иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, уи аахижьҭеи лабраа рқыҭа иалҵны џьаргьы ацара рылшом.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
WTA

Мария стала соперницей Азаренко на турнире WTA в Мадриде






Суд отказался отправлять на экспертизу документ об отставке Дубровина из правительства Забайкалья

В Москве строители-мигранты напали на защитников детской площадки

Эксперты дали советы по выбору идеального района для семейной жизни в Москве

Завершено расследование дела о поджоге закладного камня в ТиНАО