Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Август
2020

Новости за 19.08.2020

Ԥачлиаԥҳа аԥҟара ҿыц ала атәанчахәы азшәаразы: есымша ус ишԥацари, ириашахозар акәхап

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҵәахырҭатә банк Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы Нанули Ԥачлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит атәанчаҩцәа аԥара рызшәара шеиҿкаау.

Зеижә коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп Аԥсны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны иахьаҵанакуа иахьатәи аамҭазы акоронавирустә ҿкы чымазара рзышьақәдыргылахьеит 221-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 80-ҩык ргәы бзиахахьеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Анотариус атәанчаҩ изы агәраргага аҟаҵаразы: ргәы иҵхо усны ишыҟоу еилаҳкаауеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәа ақалақь анотариус Алла Сангәлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит атәанчаҩы агәраргага изыҟаҵаразы иарбан шәҟәқәоу иаҭаху, насгьы уи хаҭала анотариус иҟынӡа анеира илымшозар, иҟаҵатәу.

"Атанктә биатлон": арратә хәмаррақәа рзы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа - 2020 мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 23 инаркны цәыббра 5 рҟынӡа, аартра ацеремониа ҟалоит Москватәи аобласт, Аконгресстә-цәыргақәҵатә центр "Патриот" аҿы. Ахәмаррақәа ирылахәхоит 250 команда.

Автотуристцәа ирышьҭашәарыцо: Бжьаниа аоперативтә експериментқәа мҩаԥгатәуп иҳәеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имоу адыррала, иахәҭамкәа аԥсшьаҩцәа ртранспорттә хархәагақәа раанкылара русура иамхуп хҩык Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа, 15-ҩык алеишәатә ԥарахьырхәра рықәҵоуп.



Арсҭаа аԥсшьарҭаҩны "Ауадҳара" аусуразы: аҭыԥқәа ззымхаз рацәаҩуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсшьарҭаҩны "Ауадҳара" аиҳабы Асҭан Арсҭаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа апансионат аҿы зыԥсы зшьо ауаа ахьынӡарацәоу, насгьы иарбан еиҭакрақәоу егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны уаҟа имҩаԥысыз.

Аԥсны COVID-19 аҿагылара рнапы алакуп 120-ҩык аҳақьымцәа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ахаша, нанҳәа 19 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла аиҳабыра ахаҭарнакцәа алархәны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа, атуристтә сезон, Аинвестпрограмма азҵаарақәа ирызку аилатәара мҩаԥигоит.

Ника лпатефон иахьыз: Аҟәа аԥшаҳәаҿы идырым шьоукы аскульптура ахәҭак рӡеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәа аԥшаҳәаҿы игылоу Ника лскульптура ахаҭа аԥхасҭа аимоуӡеит, аха лывара ишьақәыргылаз апатефон рӡеит, уи акәын акомпозициа хәҭа хадас иамаз иҳәоит аскульптура автор Архип Лабахәуа.

Жәлар рдоуҳа: Ҭаниаԥҳа аԥсуаа рмифологиаҿы аԥсабаратә цәырҵрақәа ирызкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуаа рмифологиа беиоуп аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыдҳәалоу аҳәамҭақәа рыла. Ҳажәлар рдунеихәаԥшраҿы амреи амзеи ирызку азгәаҭарақәак ртәы арадио Sputnik арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы иаҳлырдырит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
Елена Рыбакина

«Был риск завершить борьбу еще в первом матче». В России оценили победу Рыбакиной в Штутгарте






ФТС раскрыла схему ввоза Mercedes в РФ по поддельным белорусским документам

Тайна Благодатного огня: откуда берется и почему не обжигает

Мария Багреева: объем закупок на портале поставщиков превысил 24 млрд руб.

Амурские учителя отправятся на четвертый Форум классных руководителей