Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа арасаарыхра иазкны
Арасаарыхра знапы алаку Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араса анхаҩы ахашәала инаҭарц азы иҟаҵатәу, насгьы иарбан усуроу аҳәынҭқарра имҩаԥнагар акәу ари ахырхарҭала.
Арасаарыхра знапы алаку Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араса анхаҩы ахашәала инаҭарц азы иҟаҵатәу, насгьы иарбан усуроу аҳәынҭқарра имҩаԥнагар акәу ари ахырхарҭала.
Ауаҩы иџьабаа иаԥхьаҟа иԥылоит гәыкала даназнеиуа, избанзар илауҵаз ауп иааурыхуа. Зусура ԥсыршьагас измоу, уадаҩрак ззаҵам асахьаҭыхҩы қәыԥш Мадина Саманџьиаԥҳа лҭоурых шәаԥхьа Sputnik аматериал аҟны.
Аԥсуа лабашьа аҵаки ахархәашьеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Баҭал Гәынба арадио Sputnik арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҿы еиҭеиҳәеит асахьаҭыхҩы Константин Инал-иԥа иусумҭак аҭоурых атәы.
Акыршықəса гəыла-ԥсыла зыԥсадгьыл иадҳəалоу, наӡаӡагьы Шьамтəылантəи Аԥсныҟа нхара иааз ҳџьынџьуаҩ Фаиқ Чычба иҭоурых – ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.
Гәыма ақыҭан Анцәа иҽеиҭакра ахьӡала иргылоу ауахәама иахагылоу аириеи Никита Адлеиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақьырсианцәа нанҳәа 9 рзы иазгәарҭо Пантелеимон ахәшәтәҩы игәалашәара амш аҭоурых атәы.
Амҳаџьырра ашықәсқәа раан Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз Мамсыр Аргәын атәым жәҩан аҵаҟа изқәаҭыԥхеит, аха иҵәҩаншьап змырӡшаз иԥа хәыҷи, иабџьари рџьынџь ахь ишыхынҳәыз иазкуп ари анҵамҭа. Ажәабжь еиҭеиҳәеит Мамсыр ихылҵшьҭроу, аҭаацәаратә ҭоурых иахӡыӡаауа Гьаргь Аргәын.
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵауа, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа диҿцәажәеит ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба.
Атуристә хеилак Visit.abkhazia.travel аиҳабы Денис Соломко арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит раԥхьаӡа акәны Ԥсҳәыҟа аекскурсиатә амаршрут ҿыц аԥшьгара шыҟалаз атәы.
Аԥсны атәанчаҩцәа жәытәла ртәанчахәы амхра асистемахь гьежьтәыс иахьроуз зыхҟьаз, нас уи нархас иаиуа азы лгәаанагара ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Cынтәатәи аиндаҭлараҿ иаларгалеит 2700 метра инаӡо адистанциа ҿыц "Аҟәатәи ашыцәа", ари аӡсара рхы аладырхәыр рылшон аԥышәа змоу аӡсаҩцәа.