Аԥсны даҽа 63-ҩык акоронавирус шрылаз аарԥшын иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14065-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13350-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 220-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14065-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13350-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 220-ҩык.
Каштак аҳаблаҿ инхо аԥхын аамҭазы аԥсшьаҩцәа здызкыло Ҭамаз Гьергьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит атуристтә аамҭа иахьынӡахьыԥшу атәы, насгьы избан уи аҳабла залырхуа.
Лиудмила Будиак лекспозициа аҭааҩцәа ирбар рылшоит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы мшаԥы 30 рҟынӡа.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҟәшақәа ргәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа фынтәуп усутә визитла ахада иаҳасабала дцоижьҭеи.
Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Агәын арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа иазырхоу апроект сынтәа ишымҩаԥысуа атәы.
Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысраан дааныркылеит аҳәаанырцәуаҩ.
Арратә ҭоурыхҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага Валикәа Мџьыҭ-иԥа Ԥачлиа иԥсҭазаара далҵит 72 шықәса дшырҭагылаз.
XXVIII Аԥсны ачемпионат иалахәхоит акомандақәа ааба: "Саӡ", "Гагра", "Афон", "Риҵа", "Динамо", "Нарҭ", "Самырзаҟан", "Шахтиор".
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьара аветеран, Леон иорден занашьоу Алԥер Бганба арадио Sputnik ефир аҟны еиҭеиҳәеит ашәҟәы "Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан" аҭыжьразы ахшыҩҵак шизцәырҵыз, иеибашьратә мҩа, ишәҟәы ахьӡ ахьынтәиаауа ртәы.
Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәыргаз авидео аҟны иубоит Аԥсны ААР аусзуҩцәа амҩатә ԥҟарақәа шеиларго. Ари амаҵзуратә ҭҵаара азымҩаԥгахеит.
Маланыҟәала Еверест ақәцә аҟынӡеиԥш анаӡара зылзыршаз аспортсмен Асҭамыр Мамед-оӷли Амаланыҟәатә спорт афедерациа ахада Вахтанг Ԥиԥиеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит Аҟәа еиҿкааз аицлабра атәы.
Аԥышәарақәа ирылагеит мшаԥы 18 ашьыжь асааҭ 4 рзы, ихыркәшахеит 22 сааҭи 5 минуҭки рышьҭахь.
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша знык ала фҩык иреиҳаны ирыдыркылом, даргьы акоронавирус аламырҵәаразы ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа аԥҟарақәа ирықәныҟәоит.