COVID-19 зланы Аԥсны зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара 222 рҟынӡа инаӡеит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14321-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13479-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 222-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14321-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13479-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 222-ҩык.
Гал араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Игорь Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит алхратә ҭыԥ хадақәа руак аҟны аиҭалхрақәа иахьынӡарзыхиоу, дара анымҩаԥысуа атәы.
Акоронавирус зхызгаз Аԥсны ауааԥсыра рзы урыстәылатәи аҳақьым Тимур Менгисанов есымчыбжьа аконсультациақәа мҩаԥигалоит.
Аԥсуа диаспора Москва еиҿнакааз аинтеллектуалтә хәмарра алахәыла Кама Гогьиаԥҳа арадио Sputnik еиҭалҳәеит уи шымҩаԥысыз, иалахәқәаз, аицлабра алҵшәақәа ртәы.
ЕгрыГЕС аремонт азы иаанкылан ажьырныҳәа 20 рзы. Планла аусурақәа хыркәшахар ауп мшаԥы 30 лаҵара 1 руыха.
2007 шықәса рзы иҭыхыз акинофильм "12" амотивқәа рыла Атеатр ду аҿы аспектакль ықәыргылан Никита Михалков 75 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша адырра ҟанаҵоит мышқәак рыҩнуҵҟа атәылауаа рыдкылара аамҭа ркьаҿхоит ҳәа.
Изакәузеи аетнокультура, уи ҵакыс иамои, насгьы изыхьчатәуи - абарҭ азҵаарақәа ирызкын Аҟәа мышқәак раԥхьа имҩаԥысыз астол гьежь. Уи иалахәыз аҵарауаҩ қәыԥш Саида Ҳаџьымԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы астол гьежь аусура иазкны алкаақәа ҟалҵеит.
1993 шықәса рзы ииз ахаҵа 30 метра иҟаз аԥаҩ даҿҟьеит, Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭа, Уаз-Абаа иахьаҵанакуаз мшаԥы 25 рзы.
Аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара административтә комплекс Гәдоуҭа иргылахоит араион ахадара ақәшаҳаҭрала, ахатәԥара алагаларала.
Шьамтәылатәи Арабтә республикеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рхьыԥшымрақәа шеицазхарҵои адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵои рзы аҳәамҭа ҟарҵеит 2018 шықәса лаҵара 25 рзы.
Аӡҩыбжьа инхо Асҭамыр Маан арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иқыҭа егьырҭ аԥсуа қыҭақәа излареиԥшым атәы, анхараҿы инапы злаку, насгьы ақалақь аҟны аусуреи ақыҭаҿы анхареи шеилеигӡо атәы.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит мшаԥы 19 - 25 рыҩныҵҟа иналукааша ахҭысқәа.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи ихаҭыԥуаа Леон Кәарҷиеи Авҭандил Сурманиӡеи аҭааит Краснодар анаплакы аҿиара амуниципалтә центр "Платформа".