Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Денис Чачхалиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкны
Апоет, аиҭагаҩ, аҭоурыхдырҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху апремиа занашьоу Денис Чачхалиа иазгәеиҭеит 70 шықәса ихыҵра. Апоет ишықәсқәа дшырзыҟоуи, иаликаауа ахҭысқәеи ртәы дазааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҿы.