Аԥсны аамҭала алашара арцәарақәа ааныркылеит алхратә комиисиақәа русура иалгаанӡа
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысуан амҽыша 11 рзы. Аԥсны зынӡа абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуеит 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы.