Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Май
2021
1 2 3 4 5 6 7 8 9 10 11 12 13 14 15 16 17 18 19
20
21
22
23
24 25
26
27 28 29 30 31

Новости за 06.05.2021

Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Гагра ашколқәа рҿы СOVID-19 аганахьала рҭагылазаашьа зеиԥшроу

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гагра араион аҿы ашколқәа рҿы СOVID-19 аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.

"Аԥсны агәалашәара ашәҟәы" иеизнагоит ахатәы Ԥсра зқәым архәҭа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Апроект "Аԥсны агәалашәара ашәҟәы" хықәкыс иамоуп 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи рлахәылацәа рыӡбахә аҳәара.

Аргәын аҽырхәмаррақәа рҿы ақыҭақәа реиндаҭларазы: ҟәланырхәаагьы унҳагәҭасуа ҳаҟам

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ҟәланырхәатәи аҽыбӷаҟазацәа ргәыԥ алахәыла, аспорт азҟаза Шамиль Аргәын арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит лаҵарамза 8-9 рзы Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥысран иҟоу аҽырхәмаррақәа рыҽшырзыҟарҵо атәы.

Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭелиа аҵаратә процесс ахыркәшареи аԥышәарақәеи ирызкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ашколқәа рҿы ачымазара ҿказы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, аҵарашықәс анхыркәшахо уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.

Гагра зхала зыԥсы зшьо атуристцәа иалыркаауа ҭыԥуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ухала ԥсшьара ацара ахьугәаԥхо аҭыԥқәа рыгәҭа Гагра абыжьбатәи аҭыԥ ннакылоит. Арахь иаҵанакуеит: Иалта, Калининград, Санкт-Петербург, Москва, Краснодар, Красноиарск, Екатеринбург, Казань, Иарославль.



Ҳашыг Семион Адлеиба изы: Аԥсуа радио иазынижьыз анҵамҭақәа ҭынха дуны исыԥхьаӡоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит аԥсуа радиожурналист Семион Адлеиба. Иколлега арадио Sputnik аефир аҿы дигәалаиршәеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы, ателеканал "Абаза-ТВ" аиҳабы Руслан Ҳашыг.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
Карен Хачанов

Хачанов обыграл Баутиста-Агуту в третьем круге «Мастерса» в Мадриде






Городские службы Москвы перевели на усиленный режим работы до 12 мая

Звезда «Великолепного века» снова прилетел в Россию

«Родиной не торгуем»: МИД России исключил обмен новых регионов на замороженные российские активы

США стремглав бегут аз Африки. Их всюду вытесняет Россия. Как Байден мог так сильно ошибиться?