Аиааира Ду амш азгәарҭеит Аԥсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира амшныҳәа иазкны Аҟәа имҩаԥысит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира амшныҳәа иазкны Аҟәа имҩаԥысит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.
Лаҵара 8 рзы Москва имҩаԥысуаз зых иақәиҭу ақәԥараз атурнир иалахәын 60-ҩык аспортсменцәа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡыз аҷандаратәи арԥыс Нурбеи Ҳагба иҭоурых арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иашьа иԥҳа Аԥсуа радио амҩаԥгаҩ-аредактор Мадина Ҳагԥҳа.
1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.
65 шықәса зхыҵуаз Ҭимыр Ахба иԥсыбаҩ ԥшаан Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан амҩахәасҭақәа руак аҟны, ажьырныҳәа 5 аҽны.
Кәтол ақыҭан ииз апоет Платон Кьиласониа Аџьынџьтәылатәи еибашьра ирҿиараҿы ишаарԥшуи, гәыцхас имаз амаӡеи ртәы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭаҿы.
Изныкымкәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ иоурц зыӡбахә рҳәахьаз, аха аҳамҭа занарымшьаз, аԥырҩы Қьаазым Хәаҭхәаҭ-иԥа Агрба инысымҩа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәалатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи афонд аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Аишьцәа Џьниаа рфырхаҵаратә мҩа цқьа инеиҵыхны, инарҭбааны еилкаашьа шамамызгьы, зегьы акоуп,ҧшьҩык аишьцәа гәымшәақәа ус баша рыхьыӡ мҩамсит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Аиааира 76-шықәса ахыҵит иахьа. 92 шықәса зхыҵуа Мгәыӡырхәа инхо Евгениа Матуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лашьа заҵә Иасон Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду дшалаӡаз, акыр шықәса ихабар дшазыԥшу.
Аԥсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алахәыла Алықьса Џьонуа, иеибашьратә мҩа ирҿиара ишаныԥшыз дазааҭгылоит апоет Анатоли Лагәлаа.
Аиааира Ду апарад иалахәын 607-ҩык Урыстәыла Аладатәи арратә округи, Атәылахьчара аминистрреи рыррамаҵзурауаа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аиааира амш аҽны, лаҵара 9 рзы Аԥсн имҩаԥысуеит "Ԥсра зқәым архәҭа" акциа. Аиҿкааҩцәа- Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Афырхаҵара Ахьӡ аԥша Аҳәынҭқарратә амузеи.
Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, СССР аспорт азҟаза, Леон иорден занашьоу Роман Чирикбаиа игәалашәаразы Гәдоуҭатәи аспортшкол аҟны имҩаԥган абокс азы VI Жәларбжьаратәи атурнир.