Акоронавирус злаз хҩык рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 545- ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 181-ы рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 545- ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 181-ы рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Ақәаршыҩи аԥшатлакәи ирыхҟьаны ахыбрақәа аԥхасҭа роуит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит Аԥсны амҽыша ԥхынгәы 4 рзы.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рахь ахҭыс азы адырра ҟалеит ашәахьа ԥхынгәы 5 асааҭ 05:30 рзы. Ари аамҭазы иҟаз ацәқәырԥара х-баллк инаӡон рҳәеит аиқәырхаҩцәа.
Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵараируҭа аушьҭымҭацәа русумҭақәа рыхьчара шымҩаԥысызи урҭ рбаҩхатәреи атәы.
Аԥшатлакәи ақәаршыҩи Аԥсны зегьы иахысит ԥхынгәы 4 рзы. Уи иахҟьаны атәыла аиҳарак аԥхасҭа аиуит.
Ԥхынгәы 4 рзы аҳҭнықалақь аҟны иҟаз амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы русурақәа ирыцырҵоит ақалақь акоммуналтә усбарҭақәа. Шәахәаԥш уи иазку афотолента.
Гал араион агроном хада Лери Шьониа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны араион ақыҭақәа жәпакы рҿы арасаҭарақәа ааха ду шрыҭоу.
Аԥсны аԥсшьаҩцәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа зегьы 100 % рыла иҭәуп, аԥхын зегьы азы аҭыԥқәа аанкыланы иҟоуп.
Амҽыша ахәылбыҽха Аԥсны иахьаҵанакуа амшцәгьа ҟалеит, аԥшатлакә асит, ақәаршыҩ леит. Аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа канажьит, уи иахҟьаны амҩа ду хадақәа рҿы аныҟәара аанкылахеит.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рахь ахҭыс азы адырра ҟалеит ашәахьа ԥхынгәы 5 асааҭ 08:42 рзы.
Амҽыша ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны аԥшатлакәи ақәаршыҩи ахысит. Уи иахҟьаны Аҟәа аԥхасҭа аиуит, аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.
Қьаазым Агрба ихьӡ зху Џьырхәатәи абжьаратә школ аиҳабы Дифа Габниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны лусура аамҭала иааныжьны лқыҭа гәакьахь лыгьежьра шыҟалази, ашкол аҟны инарыгӡо ақьабзқәеи лусура хада анаҩс лнапы злакуи ртәы.
Амҽыша ԥхынгәы 4 ахәылбыҽха Аԥсны амшцәгьа ҟалеит, аԥшатлакә асит, ақәаршыҩ леит. Амшынеисра ӷәӷәа иахҟьаны ԥхынгәы 4 рзы амшын аҿы дӡааҟәрылеит Саратовынтәи иааз аԥсшьаҩы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб иҟанаҵаз абжьгарақәа инарықәыршәаны атәылаҿы аковидҿагыларатә ԥкрақәа рырџьбараразы адҵа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа ақалақь аҩнуҵаҟа иасыз аԥшацәгьа иахҟьаны 50 инреиҳаны аҵлақәа каҳаит, амҽыша ԥхынгәы 4 рзы. Аҳҭнықалақь ахадараҿ иаԥҵан аоперативтә штаб.
Амшцәгьа иахҟьаны аботаникатә баҳча иаҭоуп ааха ӷәӷәа, иҳәеит уи аиҳабы Едуард Гәбаз арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы.
Аԥсны амш цәгьахеит ԥхынгәы 4 рзы, ашьыжь. Аҳауагәаҭаҩцәа ирҳәеит атәылаҟны уахыки-ҽнаки ақәаршыҩи амшынцәқәырԥареи ҟалар ҟалоит ҳәа.
Амҽыша ахәылбыҽха иқәлаз аԥшатлакәи илеиз ақәыршҩыи ирыхҟьаны аҩнқәа рхыб рықәнахит, афыцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.
Аинформациатә маҵзура Sputnik абжьааԥнеиԥш иазнархиеит иҳаҩсыз амчыбжь, рашәара 28 инаркны ԥхынгәы 4 рыҩнуҵҟа иҟалаз ахҭысқәа реизга.