Аԥсны COVID-19 зыдбало рхыԥхьаӡара 22 нызқь ирхысит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 22083-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 17806-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 307-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 22083-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 17806-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 307-ҩык.
Аԥснытәи аихамҩа анџьныр хада Леонид Ҟәыруа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра иахьаҵанакуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо, ахыркәшара ргәы ианҭоу атәы.
Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Археологиа аинститути Аԥсуаҭҵааратә институти рархеологцәа Маркәылатәи ажәытә нхарҭа ҭыԥқәа рышьҭамҭақәа еицҭырҵаауеит 2013 шықәса раахыс.
Амцакра ҟалеит Аԥсны АҶА ахь адырра аныҟала иаразнак аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба.
Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳаи аграфикатә дизаинер Владимир Џьынџьали арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит Ацәыргақәҵатә зал адырга ҷыда аԥҵара шалыршахаз атәы.
Ареспубликатә трасса Ԥсоу-Егры аҿы амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟаҵан ԥхынгәы 31, 00:44 сааҭ рзы.
Ԥхынгәы 31 рзы хәышықәса ҵит иԥсҭазаара далҵижьҭеи Фазиль Искандер, уи игәалашәара аҳаҭыраз иара иуаҩышьа зеиԥшраз, иҩызцәа дшырзыҟаз, абаҩхатәра злаз дышрыдгылоз атәы шәыднагалоит Sputnik.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра азакәанеилагаразы иаанкылоу ахаҿқәа рзы аоперативттә хҳәаа акьыԥхьит.
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амчра аиуит ԥхынгәы 1 инаркны. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа лҽазылшәеит зхашәалақәа ашәҟәы иҭазгалараны иҟоу ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа реилкаара.
Кындыӷ ақыҭа инхо, акарпыжә аазрыхуа Дмитри Наҷҟьебиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ԥхынгәы 27 ауыха амшцәгьа иахҟьаны иура иаиуз аԥхасҭа атәы.